Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Приднестровиатәи иколлега Витали Игнатиев адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит Аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеижьҭеи 30 шықәса ахьҵыз инамаданы.
Адныҳәаларатә шәҟәаҿы иазгәаҭоуп:
"1992-1993 шықәса рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аилашымҭаз нап зҵаҩыз ари аиқәшаҳаҭра хада аҩмилаҭк ганрацәала реимадара арҿиареи арӷәӷәареи рзы исимволхеит. Иара уасхырс ирзыҟалеит еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы аизыҟазаашьа бзиақәа, традициала ирыбжьаз аиҩызара, агәреибагара еиҳагьы иарӷәӷәеит.
Ииасыз аамҭақәа рзы ҳаҩҳәынҭқаррак реизыҟазаашьақәа еиа иҳаракыз аҩаӡарахь ихалеит. Иахьазы Аԥсни Приднестровиеи рыбжьара иҟоу аиқәшаҳаҭра-зинтә шьаҭа иахыԥхьаӡалоуп ҩажәижәаба рҟынӡа адокументқәа.
Агәра згоит ҳтәылақәа ԥхьаҟагьы ҩ-ганктәи аусеицура шымҩаԥыргало аԥсны-приднестровиатә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәаразы».