Аслан Бжьаниа Владимир Путин ашәҟәы изишьҭит

Аслан Бжьаниа Владимир Путин  ашәҟәы изишьҭит
26 March 2020 586

Иалху Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин ихьӡала ацҳамҭашәҟә дәықәиҵеит.

Ацҳамҭаҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

«Гәык-ҧсыкала иҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада имаҵурахьы салхра инамаданы сыхьӡала иаашәышьҭыз адныҳәалартә аацҳамҭазы.

Аҧсни Урыстәылеи ирыбжьоу аидгыларатә еизыҟазаашьақәа алшара дуқәа рымоуп ҿҳәара дула наҟ-ааҟ феида аманы аҿиаразы. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Аҧсны Аҳәынҭқарра ашьақәгылара апроцесс, аҳәынҭқарратә суверенитети жәларбжьаратәи апозициақәеи рырҕәҕәараҟны Шәара хаҭала шәлагала. Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара аганахьала иҟоу ганрацәалатәи адгылара иқәыҧшу ҳҳәынҭқарра аҿаҧхьа иқәгылоу ашәарҭарақәа риааира алнаршоит акыр.
Сара сганахьала исҳәарц сҭахуп Аҧсны Аҳәынҭқарра анапхгара ҿыц аҳәынҭқаррабжьаратә усеицура ахырхарҭақәа зегьы рыла ҳтәылақәа рыбжьара иҟоу аиамадара аҧхьаҟагьы арҕәҕәареи аизырҳареи хықәкыс ишамоу.

Ари аҭагылазаашьа схы иархәаны, ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иҧа, ишәзеиҕьасшьар сҭахуп агәабзиара, агәамч, аҭакҧыхқәра зцу шәусураҟны аринахысгьы аихьӡарақәа».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: