Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахьӡала адашшыларатә шәҟәы нанашьҭит

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахьӡала адашшыларатә шәҟәы нанашьҭит
8 August 2019 535
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахьӡала адашшыларатә шәҟәы нанашьҭит ареспублика аганахь ала Қырҭтәыла агрессиа амҩаԥгара 11 шықәса ахыҵра амш аҽны.
Ашәҟәаҿы ҷыдала иазгәаҭоуп:
"Қырҭтәыла ар нанҳәа 8, 2008 шықәса рзы "Градқәа" рыла Аахыҵ Уаԥстәыла алахысра иалагеит, ар аҳҭнықалақь Цхинвал ҟәыбаса ишьҭарҵеит. Уи алагьы иаадырԥшит ақырҭуа фашизм ахаҿыҵәҟьа.
Аахыҵ Уаԥстәылатәи ареспублика ажәлар аӡәк иеиԥш еидгыланы, гәымшәарада Аԥсадгьыл ахьчаразы игылт. Иреиӷьыз ауаԥсаа рԥацәеи рыԥҳацәеи рыԥсҭазаарақәа ахҭынҵаны аӷа дхьарцеит. Арҭ амшқәа ахааназ хашҭра рықәымкәа аҳәынҭқарра аҭоурых адаҟьақәа рҟны иаанхоит.
Ианаамҭаз аиҩызаратә напы ҳадызгалаз Урыстәылатәи Афедерациа ацхыраарала иахьа Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ҭынчмҩала рҳәынҭқаррақәа рырҿиара амҩа иқәуп.
Аибашьра иацу арыцҳарақәа зегь бзианы еилызкаауа, изхызгахьа аԥсуа жәлар  шәыцџьабоит, шәгәырҩа шәыцеиҩыршоит».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: