Аԥсны Адәныҟаполитикатә усбарҭа Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адышшыларатә шәҟәы нанашьҭит Зартәи арыцҳара 31 шықәса ахыҵра инадҳәаланы.
Адышшыларатә шәҟәаҿы иаҳәоит:
«Ари арыцҳара мшы дарбанызаалак уаҩԥсык игәы инамырхькәа дыннамыжьит. Ажәлар ргәалашәара ахааназгьы иузаныхуам ақырҭуа фашизм ацәгьоура, аҭынч уааԥсыра рнырҵәара.
Аԥсны ауаажәлар Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра ргәырҩа рыцеиҩыршоит, иргәаладыршәоит зыԥсҭазаарақәа ҿахырҵәаз, урҭ аханазгьы ҳагәқәа рҿы хашҭра роуам.»
Аԥсны Адәныҟаполитикатә усбарҭа Зартәи арыцҳара 31 шықәса ахыҵра инадҳәаланы адышшыларатә шәҟәы нанашьҭит
20 May 2023 245