Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә нота нанашьҭит Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә нота нанашьҭит Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь
10 September 2017 903
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә нота нанашьҭит Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь ҳтәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи аа-шықәса ахьҵыз инамаданы.

Анотаҟны иаҳәоит:

«Ҳажәлар рзы 2009 шықәса цәыббра 10 амш акырӡа зҵазкуа хҭысны иҟалеит.Аԥсны иқәынхо ажәлар еснагь аԥхарра ду аҵаны иргәаладыршәалоит Боливариантәи Ареспублика Венесуела иаднакылаз аӡбра иаша – Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны, пату еицықәҵареи агәрагареи шьаҭас иззышьҭоу, ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аиҩызаратә еимадара ӷәӷәа аҿиара аиуит. Аԥсны ҳаԥхьаҟа иҳабжьоу аполитикатә диалоги планрацәалатәи аимадарақәа рырҿиара гәҭакыс иамоуп. Агәра ганы ҳаҟоуп, анаҩсгьы ҳамчеилаҵала астратегиатә еиҩызареи ҳусеицуреи ирыцҵахап ҳәа.»

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: