Боливариантәи Ареспублика Венесуела Ахьыԥшымра Амш иазкны Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы ишьҭит

Боливариантәи Ареспублика Венесуела Ахьыԥшымра Амш иазкны Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы ишьҭит
5 July 2017 913
Боливариантәи Ареспублика Венесуела Ахьыԥшымра Амш иазкны Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы ишьҭит.

Ашәҟәаҟны иаҳәоит:

«Венесуела аҭоурых аҿы 1811 шықәса ԥхынгәы 5 амш акырӡа зҵазкуа хҭысны иҟалеит, ихьыԥшым аҳәынҭқарра аргылараҿы ихадоу хырхарҭамҩаны ишьақәгылеит, уи Венесуела ауаажәлар зхала иҟоу ҳәынҭқарраны аҟаларазы агәаҳәара шрымоу символра азнауеит. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра аиура иадҳәалоу аҭагәҭасрақәа бзиаҵәҟьаны издыруа, гәык ала ишәыцеиҩнашоит ари амилаҭтә ныҳәа. Гәахәа дула иазгәасҭарц сҭахуп, иаҿырԥшны иаҳҳәозар, аамҭа кьаҿ иалагӡаны, пату еицықәҵареи агәрагареи шьаҭас иззышьҭоу, ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аиҩызаратә еимадара ӷәӷәа шыҿиаз. Аԥсны ҳаԥхьаҟа иҳабжьоу аполитикатә диалоги планрацәалатәи аимадарақәа рырҿиара гәҭакыс иамоуп. Агәра ганы сыҟоуп, анаҩсгьы ҳамчеилаҵала астратегиатә еиҩызареи ҳусеицуреи ирыцҵахап ҳәа.»

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: