Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш азы Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәалара ҟанаҵеит

Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш азы Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәалара ҟанаҵеит
23 February 2019 893
Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара ҟанаҵеит

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Ари аныҳәа апатриотизмреи афырхаҵареиирымшныҳәоуп. Аруаҩыс аҟазаара иаанаго  аԥсадгьыл ахьчареи ажәлар рымаҵ аура азыхиареи роуп.
Абиԥарақәа еимырдалоит аиааирақәа рыхьӡ-рыԥша. Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика арратә мчрақәа агәымшәареи ахаҵареи ирҿырԥшыгоуп. Дара ҿырԥшыганы ирзыҟоуп еиҵагыло аҿар.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  аусзуҩцәа ишәзеиӷьаршьоит агәабзиара зҩыда, аманшәалара, аҭынч жәҩан».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: