Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәалара ҟанаҵеит

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәалара ҟанаҵеит
10 December 2018 580
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә шәҟәы ашьҭит Ареспублика Арцах Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь атәыла аҳәынҭқарратә хьыԥшымраз ареферендум амши Аконституциа амши  инарыдҳәаланы.
Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Ареспублика Арцах аҳәынҭқарратә хьыԥшымраз ареферендум амши Аконституциа амши атәыла аҭоурых аҿы акрызҵазкуа хҭысны иҟоуп, адемократиатә уаажәларра  амҩа рыҭареи ауаҩытәыҩса изинқәеи ихақәиҭрақәеи зегь раасҭа хра рыманы рыҟазаара азхаҵареи алдыршоит.

Арцах ажәлар рхықәкы иаанарԥшуеит аҭынчра, адемократиа, ҳаамҭазтәи аҳәынҭқарра аргылара, жәларбжьаратәи азин ақәныҟәара аԥыжәара шарҭо.

Ҳажәлар ахәшьара ҳаракы арҭоит Ареспублика Арцахи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара иҟоу аизыҟазаашьақәа. Агәра аагоит аҳәынҭқаррақәа рыҩба рыбжьара ԥхьаҟагьы аусеицуреи аиҩызареи аҿиара роуп ҳәа».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: