Никарагуа Ахьыԥшымра амш инамаданы адныҳәаларатә шәҟәы шьҭуп

Никарагуа Ахьыԥшымра амш  инамаданы адныҳәаларатә шәҟәы шьҭуп
14 September 2018 626
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә нота нанашьҭит Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь Ахьыԥшымра амш  инамаданы

Анотаҟны иаҳәоит:

«1821 шықәса цәыббра 15 шәҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы иналукааша ҭоурыхтә рыцхәуп. Абри амш аҽны Никарагуа ажәлар ихацдыркит рхала аҿиара амҩа, ироуит акраамҭа иззыԥшыз ахьыԥшымра. Иахьа Ареспублика Никарагуа адунеижәларбжьаратә аренаҿ актуалтә зҵаарақәа рыӡбараҿы ароль ду нызкыло ҳәынҭқарраны иҟоуп.
Аԥсны ахә ҳаракны иршьоит ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара ишьақәгылаз аиҩызара ӷәӷәеи, аҳаҭыреиқәҵареи агәреибагареи. Адипломатиатә еизыҟазаашьақәа анҳабжьаҳҵа инаркны аполитикатәи, акультуратәи егьырҭ аусхкқәеи рҟны аинырра ҳамоуп. Аԥсны ари адиалог ԥхьаҟагьы арҿиара хықәкны иамоуп. Ҳара агәра аагоит убри азы иаҭахны иҟоу апатенциал шҳамоу.»




Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: