Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Вануату Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара нанашьҭит ахьыҧшымра амш инадҳәаланы

Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Вануату Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара нанашьҭит ахьыҧшымра амш инадҳәаланы
30 July 2017 881
Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Вануату Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь ахьыҧшымра амш инадҳәаланы адныҳәалара нанашьҭит.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Ҧхынгәымза 30, 1980 шықәса – Ареспублика Вануату ашьақәгылара аҭоурых аҿы реиҳа ихадароу рыцхәуп, усҟан иалагеит ихьыҧшым аҳәынҭқарра ҿыц аргылара аамҭа.
Агәра ганы ҳаҟоуп Аҧсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Вануатуи ирыбжьоу аусеицуреи жәларбжьратәи аимадареи ҧхьаҟагьы алыҵшәа бзиақәа шаанашьҭуа.»

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: