Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш азы Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәалара ҟанаҵеит

Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш азы Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәалара ҟанаҵеит
23 February 2021 907

Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ААхыҵ Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара ҟанаҵеит.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Ари амш аҽны ҭабуп ҳәа раҳҳәоит Аԥсадгьыл амаҵ азура ԥсҭазааратә мҩаны иалызхыз, иаҳгәалаҳаршәоит ари адгьыл аҿы аҭынчра ыҟазарц азы аибашьра дәаҿы иаанхаз.

Асовет ар рфырхаҵара ҿырԥшыгоуп. Иахьагьы, урыстәылатәи аруаа Аԥсадгьыл аинтересқәа рыхьчара иаҵагылоуп, ахьӡи аԥшеи шьҭырхуеит, егьырҭ атәылақәа рҿы аҭынчреи ашәарҭадареи еиқәдыршәоит. Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ҳаҭыр ду рзақәуп ареспублика ашәарҭадаразы урҭ рлагала ду».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: