Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Шьамтәылатәи Арабтә республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа русқәа рзи аминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит Ахьыԥшымра амш 75-шықәса ахыҵра инамаданы.
Адныҳәалара иаҳәоит:
«Мшаԥы 17 1946 шықәса Шьамтәылатәи Арабтә республика аҭоурых аҿы наӡаӡа иаанхоит Ахьыԥшымра амш акәны.
Иахьа, 75 шықәса рышьҭахьгьы ари амш ажәлар ракзаара, рфырхаҵара, уадаҩрак иахьмырԥшкәа амилаҭтә хьыԥшымра азықәԥара, иаку аҳәынҭқарра ашьақәыргылара ирымшны, иныҳәаны иаанхоит.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Шьамтәылатәи Арабтә республика ауаажәлар ирыдныҳәало ирзеиӷьанашьоит аҭынчра, аизҳазыӷьара.»