Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Шьамтәылатәи арабтә республика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы ашьҭит

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Шьамтәылатәи арабтә республика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы ашьҭит
29 May 2019 669

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Шьамтәылатәи арабтә республика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы ашьҭит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи арабтә республикеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәгылара шықәсык ахыҵра инадҳәаланы.

Адныҳәаларатә шәҟәаҿы иаҳәоит:

«Гәахәарыла иазгәаҳҭоит абри аамҭақәа рзы ҳтәылақәа рыбжьара ишышьақәгылаз аимабзиара, аизыҟазаашьа ҵоура, аиҩызареи аҳаҭыреиқәҵареи. Ҳҳәынҭқаррабжьаратә еинырра амшхәаԥштә азҵаара еиҳа-еиҳа аҽарҭбаауеит. Аҟәеи Дамаски жәларбжьаратәи азҵаарақәа жәпакы рганахь ала рҳәоу еиқәшәоти. Ҷыдала иазгәаҳҭоит адәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа реинырра бзиа.

Гәыҩбара аманы иҟам аԥсны-шьамтәылатәи аекономикатә,атехнологиатә, акультуратә уҳәа еинырра аԥеиԥш ду шамоу.

Иҟоу аҭагылазаашьа ахы иархәо Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Шьамтәыла иқәынхо ажәлар ирзеиӷьанашьоит аҭынчреи аизҳазыӷьареи.»

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: