Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш азы Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәылаҟа адныҳәалара ҟанаҵеит

Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш азы Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәылаҟа адныҳәалара ҟанаҵеит
25 February 2021 452

Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ахыҵ Уаԥстәылатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара ҟанаҵеит.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Жәабран 23 – агәалашәареи агәадуреи ирымшуп. Иахьа ҭабуп ҳәа раҳҳәоит Аԥсадгьыл амаҵ азура ԥсҭазааратә мҩаны иалызхыз, иаҳгәалаҳаршәоит ари адгьыл аҿы аҭынчра ыҟазарц азы аибашьра дәаҿы иаанхаз, абри аамҭазы Аџьынџь ахьчара иаҿу. Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар ауадаҩрақәа жәпакы ирхысны агәымшәареи афырхаҵареи аадырԥшит.

Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар Аԥсадгьыл ашәҭыкакаҷра, Аиааира ахьӡ, Аџьынџь амаҵ аура аизырҳара амҩа иануп».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: