Инал Арӡынба Аахыҵ Уаԥстәыла Ахьыԥшымра 31 шықәса ахыҵра инадҳәаланы адныҳәаларатә шәҟәы неишьҭит

Инал Арӡынба  Аахыҵ Уаԥстәыла Ахьыԥшымра 31 шықәса ахыҵра инадҳәаланы адныҳәаларатә шәҟәы неишьҭит
30 May 2023 118

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь Аахыҵ Уаԥстәыла Ахьыԥшымраз ашәҟәы рыдыркылеижьҭеи 31 шықәса аҵра инадҳәаланы адныҳәаларатә шәҟәы неишьҭит.

Адныҳәалараҿы иҳәоуп:

«Ари ашәҟәы адкылара Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар ахьыԥшымрахь рымҩахь иналукааша шьаҿаны иазыҟоуп.

Аахыҵ Уаԥстәыла иалшеит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҿы ақәҿиарақәа роура, аԥсҭазаара аиҭакра, аизҳазыӷьара.

Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ахәшьара ҳаракы арҭоит аиҩызареи аиашьареи ҭоурыхла ҵаҵӷәыс измоу Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи реинырра, русеицура.

Агәра аагоит ҳаизыҟазаашьақәа ԥхьаҟагьы ганрацәалатәи аҿиара шроуазы».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: