Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә шәҟәы азынанашьҭит Аахыҵ Уаԥстәыла ахьыԥшымраз Акт адкылара амшаз
Ашәҟәаҿы хаҭала иҳәоуп:
«Аҵак ду змоу абри адокумент ҿырԥштәны иҟоуп Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар рфырхаҵареи рыдгьыл гәакьа ахақәиҭра разықәԥареи рзы.
Абри амшныҳәа аҽны Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ҳаҭыр-пату ду шақәнаҵо азгәаҭо аминистрра аколлектив аилазаареи ишәзеиӷьаҳшьоит аихьӡара ҳаракқәа, алшарақәа».