Гәалсра дула иҳадаҳкылеит иналукааша ауаажәларра-политикатә усзуҩ, аорден «Ахьӡ-Аԥша» I аҩаӡара занашьоу, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аԥхьахә алауреат, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз аиурист, аԥсуа-абаза жәлар Адунеизегьтәи рконгресс ахада (1992-2017шш ) - Тарас Мирон-иԥа Шамба иԥсҭазаара иалҵра.
Тарас Мирон-иԥа илагала ахәшьара уадаҩуп аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы. Иԥсҭазаара зегьы иԥсадгьыл аинтересқәа рыхьчара иазкуа апатриотизм иашаҵәҟьа даҿырԥшыганы дыҟан.
Адырра дуқәа, апрофессионализм ҳаракы, ауаҩытәыҩсатә ҟазшьа – абарҭ зегьы Аԥсны аҩныҵҟаиԥш анҭыҵгьы иҳаҭыр шьҭырхуан.
Тарас Мирон-иԥа иҟамзаара рыцҳара дууп аԥсуа жәлар зегьы рзы.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра абри аамҭа хьанҭаан Тарас Мирон-иԥа Шамба иуацәеи иҭахцәеи ргәырҩа рыцеиҩыршоит.