Олег Боциев Даур Ақаҩба ииҭеит Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәаанырцәтә ҳәынҭқаррақәа рахь ауаԥс жәлар ргеноцид 100 шықәса ахыҵра иазкны инанашьҭуа Ааԥхьара

Олег Боциев Даур Ақаҩба ииҭеит Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәаанырцәтә ҳәынҭқаррақәа  рахь ауаԥс жәлар ргеноцид 100 шықәса ахыҵра иазкны инанашьҭуа Ааԥхьара
11 June 2020 832

Олег Боциев Даур Ақаҩба ииҭеит Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәаанырцәтә ҳәынҭқаррақәа рахь ауаԥс жәлар ргеноцид 100 шықәса ахыҵра иазкны инанашьҭуа Ааԥхьара .

Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Азигмчра нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба ииҭеит Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәаанырцәтә ҳәынҭқаррақәа рахь ауаԥс жәлар ргеноцид 100 шықәса ахыҵра иазкны инанашьҭуа Ааԥхьара.

2020 шықәса рзы иҵуеит шәышықәса ақырҭуа меншевикцәа ауаԥс жәлар рганахь ала агеноцид мҩаԥыргеижьҭеи. Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов рашәара 20, ақырҭуа меншевикцәа 13-ҩык Аахыҵ Уаԥстәылатә акоммунарцәа кыдҵан ианыршь амш, агеноцид иаланҵәаз ргәалашәара Амш ҳәа азгәаҭара ашьаҭаркразы ақәҵара инапы аҵеиҩит.

Ауаԥс жәлар ргеноцид Қырҭтәыла аполитикатә напхгара имҩаԥнагаз цәгьоура дууп. 

Иҟоу аматериалқәа рыла 1920 шықәса рзы ақырҭуа карательцәа Аахыҵ Уаԥстәыла ақыҭақәа 130 амца рыцраҵаны ирыблит, иҭахеит хәнызқьҩык инарзынаԥшуа ауаа. Жәанызқьҩыла ауаԥсаа хҵәар акәхеит. Урҭ рҟынтәи 13 нызқьҩык еиуеиԥшым ачымазарақәеи амлеи иргеит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: