Ашықәс ҿыц аламҭалаз Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ихьӡала иааит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров идныҳәаларатә шәҟәы.
Ашәҟәаҿы иаҳәоит:
«Ҳаҭыр зқәу Инал Бату-иԥа!
Ишәыдышәкыл адныҳәаларақәеи ириеӷьу азеиӷьашьарақәеи 2023 шықәсазы!».
Инал Арӡынбагьы Сергеи Лавров Ашықәс ҿыц идиныҳәалеит.