Сергеи Лавров Даур Ақаҩба адныҳәаларатә шәҟәы изааишьҭит

Сергеи Лавров Даур Ақаҩба адныҳәаларатә шәҟәы изааишьҭит
13 September 2018 582
Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа аҩҳәынҭқаррак адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара 10-шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәаларатә шәҟәқәа еимырдеит.

Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иааишьҭыз адныҳәаларатә шәҟәы аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

“Акыр шықәса имырӡӡакәа иааҳго аимабзиааратә еизыҟазаашьақәа рытрадициа иабзоураны, цәыббрамза 17, 2008 шықәса рзы ҳтәылақәа рыбжьара еиуеиҧшым аусхкқәа рыла аҩганктәи аусеицуреи аиҩызареи рзы зуаусхыр ҕәҕәоу Аиқәшаҳаҭра абжьаҵара алыршахеит. Абҵарамза 24, 2014 шықәсазы знапаҵыҩра мҩаҧгаз аусеицуреи астратегиатә еиҩызареи рзы Аиқәшаҳаҭра аҿы ҳҳәынҭқаррабжьаратәи еизыҟазаашьақәа рганахьала алшара ҿыцқәа аанартит. Ҳаицаҿкны ҳара арегионалтә шәарҭадара иадҳәалоу азҵаарақәа рыӡбареи Аҧсны жәларбжьаратәи апозициақәа рырҕәҕәареи иадҳәалоу аусура наҳагӡоит”, – ҳәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: