Аԥсны Ахада ихьӡала иаауеит адышшыларатә шәҟәқәа

Аԥсны Ахада ихьӡала иаауеит адышшыларатә шәҟәқәа
11 September 2018 952
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада, Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыра, Геннади Гагәылиа иуацәеи иҭынхацәеи рыхьӡала адышшыларақәа аауеит иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩы, Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр Геннади Леонид-иҧа Гагәылиа машәырла иҭахара инамаданы.

Ҳазҭагылоу аамҭазы Ахада, Аиҳабыра, Геннади Гагәылиа иуацәеи иҭынхацәеи рыхьӡала адышшыларақәа ҟарҵеит Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ахантәаҩы Дмитри Медведев, Алада Уаҧстәыла Ареспублики Ахада Анатоли Бибилов, Урыстәылатәи Афедерациа Аҧыза-министр Витали Мутко, Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума I, VI, V и VII ааҧхьарақәа рдепутат, Аҳәынҭқарратә Дума ИАР аусқәеи аџьынџьуаа реимадареи рзы аилак ахантәаҩы Константин Затулин, Аҩадатәи Кавказ аусқәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа Аминистр Игор Кошин, Урыстәылатәи Афедерациа Аҩада-Кавказтәи Афедералтә округ Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата Ассоциациа Ахантәаҩы Казбек Туганов, Шьамтәылатәи Арабтә республика ахада  Башар Асад, Шьамтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Уалид Аль-Муаллем, Президент Республики Южная Осетия Анатолий Бибилов, Ареспублика Арцах Ахада Бако Саакиан, Вице-премьер Российской Федерации Виталий Мутко, еиуеиԥшым атәылақәа рҟны аус зуа Аԥсны ахаҭарнакцәа: Заур Ӷәаџьаа,  Хьыбла Амҷба, Омер Маршан, Вольфганг Матцке.

Адышшылара ажәақәа рҿы иазгәаҭоуп иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩы, апатриот ду иҭахара Аҧсны Аҳәынҭқарразы харҭәаашьа змам цәыӡны ишыҟоу.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: