Ажәабжь ҿыцқәа

17 July 2019 395
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба усутә визитла Ареспублика Никарагуа даҭаауеит Асандинисттә револиуциа 40-шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥгахо ауснагӡатәқәа аҽрылархәразы.
17 July 2019 906
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи УВКБ ООН Аԥсны иҟоу аофис анапхгаҩы Ардзун Шрестхеи ахҵәацәа рзы даниатәи ахеилак Аԥсны иҟоу аофис ахада Блерима Мухаксхерии реиԥылара. Аиԥылара иалахәын Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр Амиран Какалиа, Очамчыра араион ахада Гиви Допуа, Тҟәарчал араион ахада Аида Чачхалиа.
ОБСЕ Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахьала Қырҭтәыла имҩаԥнаго аполитика иадгылоит, аимак аҭышәныртәалара иазырхоуп ҳәа иԥхьаӡаны, убри инамаданы ОБСЕ Апарламенттә ассамблеиа  Лиуксембург имҩаԥысуаз аилатәараҿы арезолиуциа аднакылеит «Аԥсны ауаҩытәыҩса ишәарҭадареи изинқәеи русхк аҟны аҭагылазаашьа» аҵаркны.
Ԥхынгәы  5  2019 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵа ҷыдақәа змоу Ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани Италиа иҟоу  Боливариантәи ареспублика Венесуела Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала Боливариантәи ареспублика Венесуела 208-шықәса ахыҵра  аныҳәамш далахәын.
5 July 2019 552 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Боливариантәи ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит ахьыԥшымра Амш инадҳәаланы.
Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла, Урыстәыла, Еиду аштатқәа рхаҭарнакцәа ООН, ОБСЕ, ЕС реицхантәаҩрала имҩаԥыргеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа  48-тәи рраунд 2019 шықәса ԥхынгәы 2-3 рзы.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ азхьаԥшра арҭеит Қырҭтәыла Аиашахаҵара Апарламентбжьаратә Ассамблеиа  26-тәи аилатәараҿ аҭыԥ змаз ахҭыс. Асессиа аусура иалахәын МАП алахәыла-тәылақәа 25 рхаҭарнакцәа.
12 June 2019 915 Анотақәа
Изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа 48-тәи рраунд мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынгәымзазы. Уи аламҭалазы  Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, Аахыҵ Кавказ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа дырԥылеит. Уи аиԥылара мҩаԥысуан рашәара 12 рзы.
12 June 2019 787 Анотақәа
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Урыстәыла Амш идиныҳәалеит.
4 June 2019 350
Рашәара 2 - 3 рзы Шәачеи Новороссииски абаӷәазақәа рҟны имҩаԥысит акруизтә лаинер «Князь Владимир» аҿы урысәыла-аԥснытәи аусбарҭабжьаратә усутә комиссиа аиԥылара. Аиԥылараан ирылацәажәан Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара амшын-пассаџьыртә еимадара азҵаарақәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: