Шьамтәылатәи ақалақь аль-Скальбиа аҿы аҭыԥ змаз атерракт Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа анаҭеит

Шьамтәылатәи ақалақь  аль-Скальбиа аҿы аҭыԥ змаз атерракт Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа анаҭеит
24 July 2022 463

Ԥхынгәы 24, 2022 шықәсазы Шьамтәылатәи ақалақь аль-Скальбиа аҟны ауахәама Аиа-Софиа аартра ацеремониа амҩаԥгараан атеррористцәа ахыбра аракетақәа агәыдырҵеит.

Атерракт аан иҭахеит ҩыџьа ауаа, 12-ҩык ааха роуит.

Аусмҩаԥгатә иалахәын асасцәа, Шьамтәыла иҟоу Адипломатиатә корпус алахәылацәа, Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәа – Ацҳаражәҳәарҭа аполитикатә зҵаарақәа рзы абжьгаҩ Мухаммад Али, Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ ицхырааҩ Кутеиба Ҳасан назлаз. Аӡәгьы ԥырхага имоуит.

Аԥсны Адәныҟатәи Аусқәа Рминистрра иҭахаз рҭаацәа адышшылара рзырышьҭит, атеррористтә акт иақәыӡбеит.

"Атерроризм ишалшо ала аҵыхәтәа ԥҵәатәуп. Агәыӷра ҳамоуп аграждантә уааԥсыра ирҿагылан атеррористтә акт иалахәыз ахаҿқәа рықәнага иақәшәап ҳәа.

Жәларбжьаратәи ауаажәларрахь ааԥхьара ҟаҳҵоит аҭыԥ змаз ахҭыс азхьаԥшра арҭарц, асеиԥш иҟоу аусқәа аҿагылара рзыҟарҵаларц, атерроризм аԥаразоушьҭра ауснагӡатәқәа аԥдырҟәҟәааларц» ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: