Лаҵарамза 21 амш аҽны Нхыҵ Кавказ иқәынхоз ажәлар – Кавказтәи аибашьра атрагедиа ду иазрыцҳахақәаз, насгьы Кавказ ажәлар мчылаҵәҟьа иахцаз, ари ахҭыс шәнызықьҩыла аџьамыӷәа иақәшәнараз шәҿаԥхьа ҳхырхәоит, зылҵшәала ҳажәлар Амшын еиқәа наҟ-ааҟ рыла еиҩшахаз аилкаара шәыцеиҩаҳшоит.
Ари амш – еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Ҳаԥсадгьыли ҳауаажәлари, урҭ рыԥсҭазаашьа, ркультура, рбызшәа зыхьчоз, зыхгьы ақәҵара иазыхиаз реиҭагәаларшәарак иаҩызоуп.
Ҳазхылҵыз ҳабдуцәа, иага џьамыӷәа цәгьеи аамҭа бааԥси рыхҭыргахьазаргьы, аԥсуа жәлари Нхыҵ Кавказ иқәынхо ажәлари гәыҩбарак аарԥшны адунеи ианыӡӡаартә рмуӡеит, уимоу, раԥхьаҟа иззыԥшым аамҭа лаша ахьӡ ала рдоуҳамчи ргәаҟәышреи аизырҳаразы ирылшоз зегьы ҟарҵон.
Ҳазҭагылоу имариам аамҭазы, адунеи жәларбжьаратәи атерроризм иамҽхакны ианыҟоу, ҳзеиԥш ӷа – акоронавирус аҿагылара ианақәшәа, ажәларқәа рыбжьара аилибакаареи патуеиқәҵареи рҵакырацәара аилкаара хымԥадатәхеит.
Аԥсныи, Ҭырқәтәылеи, Урыстәылеи, Иорданиеи, Шьамтәылеи, иара убас егьырҭ атәылақәеи рҟны иқәынхақәо ҳауаажәлар шәышҟа ҳхы нарханы ажәытә гхақәа реиҭарыҟамҵара, иҳазгәакьоу Ҳаԥсадгьыл аҿы ашәҭыкакаҷреи иара убас адунеи зегьы аҿы аҭынчра аҟазаареи рыхьӡ ала аидгылареи еиқәшаҳаҭрала аицыҟазаареи шәазхьаҳарԥшуеит.