Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи 13 шықәса ҵит

Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи 13 шықәса ҵит
9 September 2021 634

Цәыббра 9 2020 шықәса рзы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи 13 шықәса ҵит.

Ари амш атәылақәа рыҩбагь рзы акрызҵазкуа аҭоурыхтә ҟазшьа амоуп. Иара иаанарԥшуеит ҩ-жәларык ргәаҳәара, аиҩызаратәи аиашьаратәи ҟазшьа рыманы аицынхара рҭахра. Аҳәынҭқаррақәа рыҩбагь иахьа шьаҿа-шьаҿала аҳәынҭқаррабжьаратә, аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны активла аполитикатә диалог мҩаԥыргоит.

Арҭ ашықәсқәа рыла имҩаԥган аекономика, агуманитартә усхкқәа рҟны апроектқәа жәпакы. Аԥсны Аҳәынҭқарра иагәҭакуп ԥхьаҟагьы ари аусура арҿиара.

Агәрагара ҳамоуп Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аусеицура ԥхьаҟагьы аҿиара ду шаиуа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: