Белград имҩаԥысит хабарда ибжьаӡыз рызҵаарақәа рзы аиԥылара

Белград имҩаԥысит хабарда ибжьаӡыз рызҵаарақәа рзы аиԥылара
15 March 2023 422

Хәажәкыра 14, 2023 шықәсазы Белград (Ареспублика Сербиа) имҩаԥысит аԥсуа гани ақырҭуа гани злахәыз хабарда ибжьаӡыз рызҵаарақәа рзы Акоординациатә механизм 14-тәи аилатәара.

Аиԥылара мҩаԥган Жәларбжьаратәи Аџьар ҟаԥшь амиссиа абжьаҟазарала.

Иахьазы МККК аԥсыбаҩқәа рыԥшаареи рексгумациеи рзы аусура ҭбаа мҩаԥнагоит. Аҭаацәарақәа ирыҭан ишьақәыргылаз 200 ԥсыбаҩ. аиԥылараҿы ирзааҭгылан МККК Аԥсны ԥхьаҟатәи аусура азҵаарақәа.

Хабарда ибжьаӡыз рызҵаарақәа рзы Акоординациатә механизм
аԥырҵазар ирыԥшаахьеит 520 ԥсыбаҩ. Урҭ рҟынтәи 215 зтәу рхаҭарақәа шьақәыргыланы рҭаацәа ирыҭоуп. Зынӡа хабарда ибжьаӡит ҳәа ишьоуп 1900-ҩык.
Аиԥылараҿы аганқәа ирымаз аинформациақәа еимырдеит, иазгәарҭеит абри аганахь ала аусурақәа ишрыцҵалатәу.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡит ҳәа ишьоу рлахьынҵа аилкааразы Акоординациатә механизм аԥҵан 2010 шықәсазы.

МККК амиссиа Аԥсны аус ауеит 1992 шықәса раахыс. Имҩаԥнагоит агуманитартә программақәа ркомплекс.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: