Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра 25 шықәса ахыҵит

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра 25 шықәса ахыҵит
17 May 2018 573
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра 25 шықәса ахыҵра иазкны Аминистрцәа Реилазаара азал ду аҟны лаҵара 17 рзы имҩаԥысит аныҳәатә еилатәара.

Аныҳәатә еилатәара ааиртит аминистр Даур Ақаҩба. Иара асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо ирзеиҭеиҳәеит  ареспублика адәныҟаполитикатә хырхарҭақәа.

Аилатәараҿы иқәгылаз Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәыргылараҿы алагаламҭа ду шамоу.

«Аԥсны адипломатиатә маҵзура амҩа уадаҩ ианысит. Аԥсуа дипломатцәа русураҿы рхы аадырԥшит  апрофессионализм ҳарак рыманы, рыԥсадгьыл амаҵ азура иазыхианы, адунеижәларбжьаратә аренаҿы амилаҭтә интересқәа аԥыжәара рырҭартә. Уаанӡаа ус зуаз рԥышәа шьаҭас иганы иахьатәи аусбарҭа аколлективгьы арҭ атрадициақәа рырҿиара амҩа иқәуп» - иҳәеит атәыла Ахада.

Рколлегацәа ирыдныҳәаларц арахь иааиит Урыстәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Приднистровиатәи Молдавиатәи ареспублика рҟынтәи адипломатцәа.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ИАР атәылақәа IV рдепартамент адиректор  Алексеи Павловски еизаз дырзаԥхьеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иааишьҭыз адныҳәаларатә шәҟәы.
Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр  Дмитри Медоев поздравил аԥснытәи иколлегацәа дрыдныҳәало ҳамҭаны ириҭеит ауаԥс сахьаҭыхыҩ ирҿиамҭа.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа дрыдныҳәалеит Приднистровиатәи Молдавиатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатьев.

Адныҳәалара ашьҭахь атәылақәа рыҩба  рыдәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа рнапхгаҩцәа рнапы аҵарҩит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликеи рыбжьара  аиҩызареи, аусеицуреи, аилахәыреи рзы Аиқәшаҳаҭра  аратификациа азуразы аҳаҭыртә шәҟәқәа реимдаразыАԥкаанҵа.

Аилатәара ахыркәшамҭазы еизаз идырбан Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иазку адокументалтә фильм.




Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: