Жә-шықәса раԥхьа Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит

Жә-шықәса раԥхьа Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит
9 September 2017 708
Иахьа иҵит жә-шықәса Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеижьҭеи.

Жә-шықәса раԥхьа, цәыббрамза 9, 2008 шықәсазы Урыстәылеи Аԥсныи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵаразы аилацәажәарақәа мҩаԥысуан.
Уи аҽны Урыстәылатәи Афедерациа акрызҵазкуа ашьаҿа ҟанаҵеит, ари ахҭыс иабзоураны еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы аҩ-ҳәынҭқаррак реизыҟазаашьақәа аҩаӡара ҳаракахьы рнагара алыршахеит. Иахьа Аԥсныи Урыстәылеи русеицура агәреибагареи, зинла аиҟарареи, аҳаҭыреиқәҵареи шьаҭас иаманы ишьақәгылоуп.

Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ԥхьаҟагьы хықәкны ирымоуп ганрацәала реиҩызара арҿиареи аԥсуа-аурыс еинырра аҿаиара аԥеиԥш инарҭбааны аарԥшреи.

Агәра аагоит аԥсуа-аурыс диалог наҟ-ааҟгьы ҳзы афеидара злоу аиныррақәа рыпроцесс арҭбаара ишацхраауа, ишацнаҵо.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: