Аԥсны ООН аҳәынҭқарра-наԥшҩы астатус аҭаразы Инал Арӡынба иажәалагала адгылара анаҭоит АКЦ Рфедерациа

Аԥсны ООН аҳәынҭқарра-наԥшҩы астатус аҭаразы Инал Арӡынба иажәалагала адгылара анаҭоит АКЦ Рфедерациа
17 February 2022 768

Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахантәаҩы Мураҭ Махариа Афедерациа ахьӡала аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны ООН аҳәынҭқарра-наԥшҩы астатус аҭаразы Инал Арӡынба иажәалагала адгылара шарҭо азы.

Аҳәамҭаҿ иазгәаҭоуп:

«Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа Аԥсны ООН аҳәынҭқарра-наԥшҩы астатус аҭаразы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ООН амаӡаныҟәгаҩ хада Антониу Гутерриш иахь иҟаиҵаз ажәалагала адгылара аҳҭоит.

Агәра ганы ҳаҟоуп амилаҭ дуқәеи амилаҭ маҷқәеи еиҟароу зинла реиқәыршәара шалшо адунеитә еилазаараҟынӡа рыбжьы анеиразы еиҟароу алшарақәа анрыҭо.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ООН Ассамблеиа Хада аҿы имҩаԥысуа аимак-аиҿак алахәхара, аиҿкаара атәыла-лахәылацәа ирнаҭоит иобиективу, ганкы иатәым аинформациа арегион аҿы иҟоу аҭагылазаашьазы.

Аԥсны ООН аҳәынҭқарра-наԥшҩы астатус аҭара ООН ауниверсалтә лахәылара ишадгыло аанарԥшуеит ҳәа иазаҳаԥхьаӡоит. Ари шьаҿа духоит Кавказтәи арегион аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи рыҟазааразы. Аԥсны ажәлар риаша адунеи иаҳароуп дара рҟынтәи».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: