Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиев далахәын Олег Мамиев аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара ацеремониа.

Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиев далахәын Олег Мамиев аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара ацеремониа.
21 May 2018 1026
Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиев далахәын Владикавказ, лаҵара 21 рзы имҩаԥысыз Олег Мамиев аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара ацеремониа.
Донецктәи жәлар рреспубликаҿы дҭахеит абатальон "Пятнашка" акомандир Олег Мамиев.
Олег Мамиев "Мамай" ҳәа хьыӡшьараны измаз, ианашьоуп Донецктәи жәлар республика иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа. Мамиев дышҭахаз азы адырра ҟарҵеит аиҿкаара "Союз добровольцев Донбасса".
Олег Мамиев Донбассҟа Уаԥстәылантәи днеиит Киев аҳәынҭқарратә мчра анеиҭарк ашьҭахь. Деибашьуан, еиуеиԥшым аоперациақәа дрылахәын.
Донбасс иҭахахьеит еицырдыруаа командирцәа: Арсен Павлов (Моторола), Михаил Толстых (Гиви), Александр Беднов (Бэтмен), Алексеи Мозговои, Евгени Ишьченко (Малыш), Павел Дремов (Батиа).
2014 шықәса мшаԥымзазы украинатәи амчрақәа арратә операциа амҩаԥгара хацдыркит Лугансктәи жәлар рреспубликеи Донецктәи жәлар рреспубликеи рҿы. Абри аамҭала уа иҭахахьеит 10 000-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: