Анатоли Бибилов Алан Елбакиев иубилеи идиныҳәалеит

Анатоли Бибилов Алан Елбакиев иубилеи идиныҳәалеит
18 January 2019 959
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов диԥылеит Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиев.

Анатоли Бибилов ацҳаражәҳәаҩ иубилеи идиныҳәалеит, иазгәеиҭеит аџьынџь ахьчаҩ иҳасабалеиԥш аҭынч ԥсҭазаараҿгьы илшамҭақәа.

«Шәара ишәылшеит шәыжәлар рзы акыр хра змоу аусқәа рымҩаԥгара. Шәара иахьа ҳаиашьаратә республика Аԥсны шәахаҭарнакуп. Аԥсны ахадара ҳаҭыр, пату шәықәырҵоит. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи реизыҟазаашьақәа рырҿиаразы ҭабуп ҳәа шәарҳәоит. Аԥснеиԥш шәыхьӡ ҳаҭыр ақәуп Аахыҵ Уаԥстәылагьы. Ҳаиҩызара агәадура ду снаҭоит» - иҳәеит Анатоли Бибилов.

Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иҳәеит дшеигәыӷуа ҩ-ганктәи аԥсуа-уаԥс еизыҟазаашьа аҿаиара ӷәӷәа аиуп ҳәа.
Алан Елбакиев иакәзар Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит илагаламҭақәа абасеиԥш рыхә ҳаракны иахьишьаз азы.

«Сара Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьӡала сықәгылоит. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара аизыҟазаашьақәеи аиныррақәеи еиҳа-еиҳа еиҵыҵуеит уаанӡа анапы зҵаҩыз аиқәшаҳаҭрақәа шьаҭас иганы. ԥхьаҟагьы наҟ-ааҟгьы зинтерес еицҳамоу ауснагӡатәқәа амҩа ҭбаа роуп ҳәа агәыӷра ҳамоуп. 2019 шықәса хымԥада аизҳа-зыӷьара змоу шықәсны ишыҟало агәрагара сымоуп» - иҳәеит иара.

Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылеи  рыбжьара аизыҟазаашьақәа рҟны илагаламҭақәеи ииубилеи инарыдҳәаланы Алан Елбакиев ианашьоуп Аиҩызара Аорден.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: