Ажәабжь ҿыцқәа

2023 шықәса ԥхынҷкәынмза 14 рзы Дамаск ақалақь аҿы Шьамтәыла усуратә визитла иҟоу Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәылатәи иколлега Феисал Микдади реиԥылара мҩаԥысит.
2023 шықәса ԥхынҷкәын 13 рзы Шьамтәыла ахада Башар Асад Дамаск иҟоу ахан "Аль-Мухаджирин" аҟны дидикылеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.
2023 шықәса ԥхынҷкәын 11 рзы Дамаск, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Шьамтәылатәи Арабтә республикахь аусутә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿ инхо аԥсуа-абазеи ачерқьес диаспореи иара убасгьы ШьАР аҿы иҟоу ачерқьестә гәыҳалалратә ассоциациа адиректорцәа рхеилаки реиԥылара.
2023 шықәса ԥхынҷкәын 12 рзы Дамаск еиԥылеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәыла аԥыза-министр Хусеина Арнуси.
2023 шықәса ԥхынҷкәын 12 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Александр Ефимови еиԥылеит.
2023 шықәса ԥхынҷкәын 12 рзы Аԥсны АдәА рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәылатәи иколлега Феисал Микдади рыбжьара алҵшәа змаз аиҿцәажәарақәа мҩаԥысит.
12 December 2023 108 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа амш азгәаҭара инамаданы Аԥсны иҟоу Урыстәыла азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Урыстәыла Аконституциа амш идиныҳәалеит.
12 December 2023 260 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа амш азгәаҭара инамаданы Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара нанашьҭит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Шьамтәылатәи Арабтә республика даҭааит жәларбжьаратәии аԥсны-шьамтәылатә еизыҟазаашьақәеи рызҵаарақәа рылацәажәаразы ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
<p style="text-align: justify;">      2023 шықәса ԥхынҷкәын 7 азы Каракас, Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик-Багдасаров инаԥхьарала Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа амурал «Урыстәыла-Венесуела: шәышықәсалатәи аиҩызара» аартра иазкыз ауснагӡатә далахәын. </p>

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: