Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнакра 25-шықәса ахыҵит

Ҭырқәтәыла иҟоу  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнакра 25-шықәса ахыҵит
1 March 2019 739
Ҭырқәтәыла иҟоу  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнакра 25-шықәса ахыҵра инамаданы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит  Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа.

Адныҳәаларатә шәҟәы аҿы иазгәаҭоуп:

«Хаҭала шәареи, Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнакра егьырҭ аусуҩцәеи ишәыдысныҳәалоит Ахаҭарнакра ашьаҭаркра 25-шықәса ахыҵра. Аԥсны Ахаҭарнакра шьаҭаркын иуадаҩыз аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа раан, аԥсуа жәлар аҳәынҭқарра қәыԥш аргылара аидеиаз рҽеидкылара ахадара аманы ианыҟаз аамҭазы.

Азинмчра змоу Ахаҭарнакра  ароль ду нанагӡон Ҭырқәтәылатәи Ареспублика анапхгареи ажәлари рҟынӡа аҭоурыхтә хҭысқәа рнагаразы, аԥсуа жәлар ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы рықәԥара атәы дырдырразы. Ахаҭарнакра иахьа уажәраанӡагьы Аԥсны аинтересқәа ирыдгылоит, ирыҵагылоит.

Азинмчра змоу Ахаҭарнакра актуалра шамац иҟоуп аԥсуеит Нхыҵ Кавказ адиаспорақәеи реимадара аус аҿы. Абри аус аҿы ахы-аԥсы амеигӡара, апрофессионализм ҳарак ҷыда ҟазшьаны ирылоуп Ахаҭарнакра аусзуҩцәа зегьы. Уи хра аманы иҟанаҵоит шәҿаԥхьа иқәгылоу аусдҵақәа зегьы» ҳәа.


Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: