Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит аиԥылара

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит аиԥылара
17 May 2019 784
Лаҵара 17 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба  идикылеит Аԥсны иҟоу  Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциеви Аԥсны иҟоу Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика Ахаҭарнакра ахада Гарри Кәыпалбеи.

Аиԥылара алахәылацәа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба  идырныҳәалеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра шьаҭаркуижьҭеи 26 шықәса ахыҵра амшныҳәа.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра шьаҭаркын 26 шықәсараԥхьа, 1993 шықәса лаҵара 17 рзы.

Даур Ақаҩба иазгәеиҭеит Аԥсны аинтересқәа реихаҳараз аҵакы аманы ишыҟоу аицусура, иколлегацәа ирзеиӷьеишьеит адипломатиатә ус аҿы ԥхьаҟагьы ақәҿиара дуқәа.

Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым азҵаарақәа ирылацәажәан. Иазгәаҭан ԥхьаҟатәи аусеицура ахырхарҭақәа.




Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: