Агәабзиарахьчараз Адунеизегьтәи аиҿкаара (ВОЗ) ахаҭарнакцәа Аԥсны иаҭааит

Агәабзиарахьчараз Адунеизегьтәи аиҿкаара (ВОЗ) ахаҭарнакцәа Аԥсны иаҭааит
18 March 2020 1221

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр хәажәкыра 18 рзы идикылеит Агәабзиарахьчараз Адунеизегьтәи аиҿкаара ахаҭарнакцәа рделегациа. Аделегациа иалахәын ВОЗ ахаҭарнак Сильвиу Доменте, ВОЗ аҭагылазаашьа ҷыдақәа разыхиаразы апрограмма акоординатор Васили Есенаманов, ВОЗ аексперт Раду Коджокару, ахәышәтәырҭаҩныҵҟатә чмазарашьҭкаара азыԥхьагәаҭара азҵаарақәа рзы аексперт Абдубуа Маруфов, ПРООН ахаҭарнак Луиса Винтон.

Аиԥылара аартуа Даур Ақаҩба агәҭынчымра ааирԥшит адунеи аҟны иҟоу акоронавирустә инфекциа иадҳәало аҭагылазаашьазы. Агәыӷра ааирԥшит апроблема аӡбра аиуп ҳәа.

ВОЗ ахаҭарнакцәа Аԥсныҟа иааргеит 500 инарзынаԥшуа ахаҭалатә хархәагақәа, 600 литра антисептикқәа, 500 литра абактериақәа ықәзыӡәӡәо асапынӡшьар.

"Ҳара ҳзы акраҵанакуаны иҟоуп коронавирус аҿагыларазы, аламырҵәаразы ВОЗ ахаҭарнакцәа рабжьагажәақәа. Урҭ абжьгарақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны ауснагӡатәқәа мҩаԥаагалоит» ҳәа иҳәеит Даур Ақаҩба.

ПРООН ахаҭарнак Луиса Винтон иазгәалҭеит ари адгылара ООНи USAIDи рмаҵзурақәа рыцхыраарала ишалыршахаз.

"Адунеи аҟны иҟоу аҭагылазаашьа инадҳәаланы акраҵанакуаны иушьар ауеит асеиԥш зыҩаӡара ҳараку аекспертцәа иара убасгьы хыԥхьаӡара рацәала амедицинатә хархәагақәеи ахәшәқәеи Аԥсныҟа раагара ахьҳалшаз» ҳәа лҳәеит ПРООН ахаҭарнак.

ВОЗ аҭагылазаашьа ҷыдақәа разыхиаразы апрограмма акоординатор Васили Есенаманов инаҵшьны иазгәеиҭеит аекспертцәа рҿаԥхьа иус хаданы иқәгылоу коронавирус аҭыԥ аиур Аԥсны уи ишазыхиоу агәаҭароуп.

ВОЗ аекспертцәа ирҳәеит раԥхьа иргыланы амедицинатә усзуҩцәа рыхьчара шхымԥадатәиу уи адагьы ауаа рацәа ахьыҟоу аҭыԥқәа рҽырцәыхьчареи анапыӡәӡәара ахымԥадареи. ВОЗ аекспертцәа ара иҟазаауиет ҩымш. Абри аамҭала иҭырҵаауеит алобараториақәа рҭагылазаашьа имҩаԥыргоит аиԥыларақәа Агәабзиарахьчара аминистрреи асанитар-епидемиологиатә станциаҿи.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: