Денис Монкада Колиндрес Инал Арӡынба Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟалара идиныҳәалеит

Денис Монкада Колиндрес Инал Арӡынба Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟалара идиныҳәалеит
22 November 2021 660

Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада Колиндрес Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы ааишьҭит.

Аашьҭымҭаҿы иҳәоуп:

«Ареспублика Никарагуа Амилаҭтә акзаареи аинышәареи Реиҳабыра ахьӡалеи ахадараҿы иҟоу Команданте Даниел Ортего Сааведрои ахада ихаҭыԥуаҩ Росарио Мурильои рыхьӡалеи ишәыдышәкыл аиашьаратә дныҳәалара ҟәанда.

Гәахәара дула иҳадаҳкылеит Шәара, Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрс шәыҟалара.

Аҭагылазаашьа схы иархәаны ишәзынасышьҭуеит гәык-ԥсык алатәи адныҳәаларатә ажәақәа, ишәзеиӷьасшьоит Аԥсны жәлар рыхьӡала шәнапы иану адипломатиатә миссиа ҿыц амҩаԥгараҿы ақәҿиара дуқәа. Агәрагара шәысҭоит ҳара ҳганахь ала аиашьареи аиҩызареи рус ԥхьаҟагьы ишацҵахо, еиҳагьы иӷәӷәоу ашьаҭа шаҭахо» ҳәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: