Жәабран 10 рзы Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭаҿы иазгәаҭан Адипломат Имш. Ауснагӡатә иалахәын Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи аминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәааи.
Ауснагӡатә традициатә ҳасабла иалагеит знапынҵақәа рынагӡараан иҭахаз урыстәылатәи адипломат Дмитри Вишерневи иԥшәмаԥҳәыс Ольга Вишерневи ргәалашәаратә ӷәы ахькыду аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵарала.
Урыстәыла Адипломат Имш азгәарҭоит 2002 шықәса жьҭаара 31 раахыс. Иара ҭоурыхтә шьаҭаны иамоуп 1549 шықәса жәабран 10 рзы иаԥҵаз раԥхьатәи адәныҟаполитикатә усбарҭа – Ацҳаражәҳәарҭатә дҵа арыцхә.