Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа ахаҭарнакцәа Инал Арӡынба идикылеит

Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа ахаҭарнакцәа Инал Арӡынба идикылеит
17 January 2022 532

Ажьырныҳәа 17 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит аминистр Инал Арӡынбеи Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа ахантәаҩы Мураҭ Махариеи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәеи реиԥылара.

Аиԥылара иалахәын: Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡба, Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа, Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Асҭамур Багаҭелиа, Аԥсны ААР Мрагылара ааигәеи Африкеи рдепартамент аиҳабы Инвер Алшәындба, Аԥсны ААР анапынҵа ҷыдақәа рзы ацҳаражәҳәаҩ Алиас Асабуа, Аԥсны ААР анапынҵа ҷыдақәа рзы ацҳаражәҳәаҩ Инар Гыцба, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Ахаҭарнакра абжьгаҩ Џьансыхә Лазба, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак Апрезидиум алахәыла, уаанӡатәи Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәа рнапхгаратә Хеилак алахәыла Ахмеҭ Хапат (Џьеилан), Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәа рнапхгаратә Хеилак алахәыла Иумит Ашба (Шахин), Стампылтәи аԥсуа культуратә центр ахантәаҩы Селимие Албуз Иаган.

Аицәажәараан Мураҭ Махариа Инал Арӡынба изеиҭеиҳәеит Аԥсныфед аусушьа атәы, ҷыдала дазааҭгылеит Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа диаспора реибардырреи реидкылареи азы иҟарҵо атәы, иара убас Аԥсны уи арегион аҿы аӡбахә аларҵәараҿы инарыгӡо аусмҩаԥгатәқәа ртәы. Аганқәа ирылацәажәеит Афедерациеи Аԥсны аминистррақәеи аусбарҭақәеи русеицуразы иқәгылоу актуалтә зҵаарақәа.

Аиԥылара иалахәыз зегьы инаҵшьны ирҳәеит Аԥсни Ҭырқәтәылеи рыжәларқәа ргәылеимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәаразы дара ркультуреи рмилаҭтә дипломатиеи ахархәара шаҭаху.

Афедерациа ахаҭарнакцәа аҳәара ҟарҵеит аԥсуа диаспора ахьеиланхо аҭыԥқәа рҿы аԥсуа бызшәа акурсқәа реиҿкаараҟны ацхыраара ҟарҵарц.

Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа аԥҵан 2010 шықәса рзы. Иара иалоуп Ҭырқәтәыла ахьынӡанаӡааӡо иҟоу уааԥсырала 10 000-ҩык злоу аԥсуа культуратә центрқәа 17.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: