Аԥсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аилак ахь адныҳәаларатә шәҟәы неишьҭит иара ашьаҭаркра 30 шықәса ахыҵра инадҳәаланы.
Адныҳәалараҟны иазгәаҭоуп:
«Аилак шьаҭаркуижьҭеи аахыс аԥсуа диаспореи аԥсуа жәлари реизыҟазаашьақәа рырҿиаразы зыхәшьара дуу алагала ҟанаҵоит.
Аилак аколлективи аветеранцәеи ишәзеиӷьасшьоит азанааҭтә ҩаӡара ҳаракқәа ҳажәлари ҳаԥсадгьыли реизҳазыӷьаразы.»