Инал Арӡынба Дмитри Медоев Аконституциа амш идиныҳәалеит

Инал Арӡынба Дмитри Медоев Аконституциа амш идиныҳәалеит
8 April 2022 436

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев идиныҳәалеит Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Аконституциа амшныҳәа.

Адныҳәалараҟны иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр ду шшәықәысҵо азгәаҭо гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Аконституциа амшныҳәа.

Аахыҵ Уаԥстәыла Аконституциа рыдкылан 2001 шықәса мшаԥы 8 азы жәлар рреферендум аҿы. Ҵаԥӷәыс иазыҟоуп атәыла ԥхьаҟатәи аҿиара.

Атәыла азакәан хада аҳәынҭқарра иҭышәынтәалоуи иқәҿиароуи аусура ҵаҵӷәны иазыҟоуп».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: