Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба адныҳәалара ҟаиҵеит

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба адныҳәалара ҟаиҵеит
6 January 2023 214

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа иҷыдоуи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин иирамш идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп: 

«Шәара шәыԥсҭазаара зегь здышәҳәалаз шәдипломатиатә усура Урыстәылатәи Афедерациаҟнеиԥш анҭыҵгьы аҳаҭыр ду иаԥсоуп.

Иазгәасҭар сҭахуп Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭеи рыбжьара аконструктивизм зҵоу адиалог аҭыԥ шамоу аԥсны-урыстәылатә ҳәынҭқаррабжьаратә еинырра актуалтә зҵаарақәа рыӡбаразы.

Агәрагара сымоуп Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа иҷыдоуи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ иҳасаб ала шәусура ишарӷәӷәо аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: