Инал Арӡынба Адипломатиатә усзуҩы имш Сергеи Лавров идиныҳәалеит

Инал Арӡынба  Адипломатиатә усзуҩы имш Сергеи Лавров идиныҳәалеит
10 February 2022 602

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Инал Арӡынба Адипломатиатә усзуҩы имш инадҳәаланы Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Сергеи Лавров адныҳәалара изынаишьҭит.

Адныҳәалараҟны иаҳәоит:

«Урыстәылатәи Афедерациа жәларбжьаратә еизыҟазаашьақәа рлахәылак аҳасаб ала аҭынчреи аҭышәынтәалареи рырӷәӷәаразы алагала ду ҟанаҵоит.

Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ҳаҭыр ду ақәырҵоит аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа, хаҭала шәара ҩ-ганктәи адиалог шәалахәра.

Агәра ганы сыҟоуп ԥхьаҟагьы ҳусеицура Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара иҟоу аимадарақәа иҵегьы идырӷәӷәап, еиздырҳап ҳәа.»

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: