Инал Арӡынба дидикылеит Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу азинмчра нагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ

Инал Арӡынба дидикылеит Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу азинмчра нагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ
3 December 2021 561

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба дидикылеит Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу азинмчра нагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев.

Аиԥылараҿы ирылацәажәан Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспубликеи рыбжьара ҩ-ганктәи аинырра актуалтә зҵаарақәа. Иазгәаҭан аганқәа ишрыгәҭаку акультура, аспорт, аҵарадырра русхк аҟны аусеицура арҭбаара.

Инал Арӡынбеи Олег Боциеви ргәаанагарақәа еимырдеит атәылақәа рыҩба раԥхьагылаҩцәа қәыԥшцәа реинырра аусхк аҟны апроектқәа реицымҩаԥгара алыршаразы. Иазгәаҭан Аԥсни Уаԥстәыла рҿартә еиҿкаарақәа рыбжьара адиалог активла ишырҿиалатәу.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: