Инал Арӡынба диԥылеит Алексеи Комиссаров

Инал Арӡынба диԥылеит Алексеи Комиссаров
31 August 2022 342

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр, аплатформа «Аԥсны аԥеиԥш» ашьаҭаркҩы Инал Арӡынба диԥылеит  УА ахада иҿы еиҿкаау Иреиҳаӡоу ашкол РАНХиГС Аҳәынҭқарратә напхгараҭара адиректор, АНО "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" адиректор хада Алексеи Комиссаров.

 Аиԥылараҿы иӡбан сынтәа анапы аҵаҩызарц   аплатформа «Аԥсны аԥеиԥши»  АНО "Урыстәыла – алшарақәа ртәылеи" рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭра.

Аиқәшаҳаҭра иалнаршоит  Аԥсны аҿар адгылара рыҭара аицлабра «Аԥсны агәадура» амҩаԥгараан.

Аицыпроектқәа мҩаԥгахоит Аԥсны ахада иҟаиҵо ацхыраарала.

АНО "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла"  — автономтә еиҿкаароуп, иаԥҵоуп 2018 шықәсазы Владимир Путин иаԥшьгамҭала.

https://rsv.ru

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: