Инал Арӡынба жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа дырԥылеит

Инал Арӡынба жәларбжьаратәи  аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа дырԥылеит
29 November 2021 313

Абҵара 29 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы аусура мҩаԥызго жәларбжьаратәи еиҳабыратәым аиҿкаарақәа рхадацәеи реиԥылара. Аиԥылара иалахәын аминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рнырразы Адепартамент аиҳабы Артур Гагәылиа.

Аминистр иԥылара иалахәын: International Committee of the Red Cross (Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Аилак), United Nations Development Program (ООН аҿиара Апрограмма), United Nations Children’s Fund (ИуНИСЕФ), UN Women (ООН Аҳәса), World Vision International (Ворлд Вижн Интернешнл), Danish Refugee Council (Ахҵәацәа рзы даниатәи Ахеилак), Action Against Hunger (Амлакра аҿагылараз аиҿкаара), United Nations High Commissioner for Refugees (УВКБ), The HALO Trust (ХЕЛО Траст), ООН афатәажәтәи ақыҭанхамҩеи рзы еиҿкаара (ФАО) рхаҭарнакцәа.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба иажәа алагамҭаз иазгәеиҭеит ареспубликаҿы еиуеиԥшым жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа имҩаԥырго аусура аҵак ду аманы ишиԥхьаӡо.

«Ари ҳтәыла ауааԥсыра ацхыраара рызҭо усны иҟоуп. Ахә ҳаракнгьы иаҳшьоит, адгыларагьы аҳҭалоит. Шәара шәҟынтәи ирацәаҩуп Аџьынџьтәылатә еибашьра еилгазар аахыс Аԥсны аус зуа. Усҟан акәын аиҳарак шәыцхыраара анхымԥадатәыз. Уи зыхҟьаз Қырҭтәыла имҩаԥнагаз агрессиоуп. Ҳауаажәлар рзы хра аманы иҟоуп усҟантәи аамҭақәа рзы Аџьар Ҟаԥшь аилак аиԥш иҟоу аиҿкаарақәа иҟарҵоз ацхыраара» ҳәа иҳәеит Арӡынба.
Аминистр иазгәеиҭеит ареспублика аҵакыраҿы жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа имҩаԥырго аусура аишьаршәалараҿы Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҵакы шдуу.

«Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аишьаршәаларатә усура мҩаԥызго усбарҭа хаданы иҟоуп аус зуа анорматив-зинтә база инақәыршәаны. Аминистрра зынагӡара азыԥхьагәаҭоу апроектқәа реицеиқәшаҳаҭразы аусурақәа, ахаҭарнакрақәа рҭаҩра мҩаԥнагоит. Ҳара аринахысгьы абри амҩала аинырра ахәҭаны иаҳшьоит» ҳәа иҳәеит иара.

Аминистр агәыӷра ааирԥшит Аԥсны аҿар рыцхыраара аҳәаақәа ирҭагӡаны жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа аус рыцура мҩаԥгахалап ҳәа.

«Аҟыбаҩ злоу аҿар ҳамоуп. Еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны иҟоуп дара. Ҳҿар адгылара рышәҭалар, ҭабуп ҳәа ахаҳҳәаауан» ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Инал Арӡынба.
Арӡынба иҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аиҿкаарақәа русураҟны иахәҭаны иҟало иарбанызаалак ацхыраара шырнаҭало.

«Ҳарзыԥшуп хра злоу агуманитартә лыҵшәақәа. Иҳалшо ала ҳаргьы ацхыраара ааулоит» ҳәа иҳәеит аминистр.

Жәларбжьаратәи еиҳабыратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа ракәзаргьы иазгәарҭеит ԥхьаҟагьы аусеицура ишазыхио.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: