Инал Арӡынба Белоруссиатәи аиԥылара ахҳәаа аиҭеит

Инал Арӡынба Белоруссиатәи аиԥылара ахҳәаа аиҭеит
21 February 2023 284

Аҩаша, жәабранмза 21 рзы Минск ақалақь, Ахьыԥшымра Ахан аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Белоруссиа Ахада Алеқсандр Лукашенкои реиԥылара мҩаԥысит. Иара убас, аиԥылара далахәын Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба, Белоруссиа Ахада ихаҭарнак ҷыда Виктор Шеиман.

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Белоруссиа Ахада Алеқсандр Лукашенкои реиԥылара мҩаԥысит ҩаӡара ҳаракыла», - иҳәеит Инал Арӡынба.

«Ҳара иаҳусу ҳтәылақәа реизыҟазаашьа комплексла арҿиароуп», –ҳәа азгәеиҭеит аминистр.

Аганқәа рзааҭгылеит ахәаахәҭра-економикатә зҵаарақәа мҽхакыҭбаала.

«Иазгәаҭоуп ишаԥҵоу Ахәаахәҭратә Ҩны. Уи иалнаршоит аԥснынтә Белоруссиаҟа аиԥш Белоруссиантәи Аԥсныҟагьы атауар амҩангара. Аԥснытәи аҩқәа Белоруссиаҟа рнагараз аилаӡарақәа азырхиоуп» ҳәа иҳәеит Инал Арӡынба.

«Аиԥылараан иара убасгьы иалацәажәеит атуризм аҿиара азҵаара. Белоруссиа атәылауаа Аԥсныҟа визада иаар рылшоит. Ари акраҵанакуаны иҟоуп ҳаизыҟазаашьақәа рзы» ҳәа азгәеиҭеит аминистр.

Иалацәажәан IT-кластер Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы аԥҵарагьы.

«Ари стратегиатә усуп, аиҳаракгьы Аԥсны аинвестициатә ҭахра иазырхоуп. Агәра аагоит ҳ-Аԥсны ари аусхк аҟазауаа рзы ишҭыԥ маншәалахо» ҳәа иҳәоит Арӡынба.

Инал Арӡынба иҳәеит Аслан Бжьаниеи Александр Лукашенкои Белоруссиа иреиӷьу аҵараиурҭақәа рҿы Аԥсны аҿар рзы аквотақәа ралкаара иалацәажәеит.

«Ишдыру аиԥш Белоруссиа аинформациатә технологиақәа русхк аҟны аԥыжәара амоуп. Ҳақәгәыӷуеит аҵара бзиа хәдықәҵара шауа ҳара ҳҿгьы аинформациатә технологиақәа алаҵәара рнаҭоит ҳәа».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: