Инал Арӡынба Россотрудничество аиҳабы Евгени Примаков диԥылеит

Инал Арӡынба Россотрудничество аиҳабы  Евгени Примаков диԥылеит
10 February 2022 343

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Москва диԥылеит Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа русқәеи аҳәаанырцә инхо аџьынџьуааи, жәларбжьаратәи агуманитартә усеицуреи рзы Афедералтә маҵзура (Россотрудничество) аиҳабы Евгени Примаков.

Арӡынбеи Примакови реиԥылараан еилацәажәеит аусеицура еиҳа активла амҩаԥгаразы, Аԥсны аҿар адгылара инарҭбааны рыҭаразы, аинформациатә проектқәа реицымҩаԥгаразы.

Уи адагьы аганқәа инаҵшьны иазгәарҭеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҵараҵаратә еимадарақәа рыҿиара аҵакы, иалацәажәеит урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҿы азанааҭтә еиҭазыҟаҵареи аҟазара аҳаракреи рзы аусмҩаԥгатәқәа рҭахра.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: