Инал Арӡынба Урыстәыла иҟоу Аахыҵ Уаԥстәылатәи иколлега диԥылеит

Инал Арӡынба Урыстәыла иҟоу Аахыҵ Уаԥстәылатәи иколлега диԥылеит
8 November 2022 404

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Москва, Урыстәыла иҟоу Аахыҵ Уаԥстәылатәи иколлега Ахсар Џьиоев диԥылеит.

Аганқәа алацәажәеит аҳәынҭқаррабжьаратә еинырраз хра злоу азҵаарақәа, Женеватәи аиҿцәажәарақәа, Алада Кавказ арра-политикатә ҭагылазаашьа рызҵаарақәа.

Аиԥылараан Инал Арӡынба иҳәеит Аԥсны шадгыло зеиҿкаара иаҿу Аԥсни, Урыстәылеи, Шьамтәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рыҩаӡарала имҩаԥгахо абжьгарақәа Аахыҵ Уаԥстәыла алахәхара.

Арӡынба иазгәеиҭеит ари амеханизм ахәаахәҭра-економикатәи агуманитартәи усхкқәа рҟны азҵаарақәа рыӡбара ишазырхо.

Инал Арӡынба Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоеви ареспублика ажәлари асалам риҭеит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: