Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыдәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа рхадацәа Аҟәа еиԥылеит

Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыдәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа рхадацәа Аҟәа еиԥылеит
10 March 2022 627

Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыдәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа рхадацәа Инал Арӡынбеи Дмитри Медоеви Аҟәа еиԥылеит хәажәкыра 10 азы.

Аиԥылара иалахәын: Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба, Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу Аахыҵ Уаԥстәылатәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аахыҵ Уаԥстәылатәи ареспублика ААР аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Тадтаев.

Аганқәа алацәажәеит аԥсуа-ауаԥс усеицура аспект хадақәа иара убасгьы ҩ-ганктәи ԥхьаҟатәи аиныррақәа рыҿиара.

Аиԥылара иатема хаданы иҟан Украина иҟоу аҭагылазаашьа аҿиара азҵаара алацәажәара.

Аганқәа иазгәарҭеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәыла Донбасс аҭынч уааԥсыра рыхьчара иазырханы имҩаԥнаго аоперациа ҷыда адгылара шарҭо.

Аиҿцәажәара алкаақәа рыла аганқәа Акоммиунике еицрыдыркылеит, иазгәарҭеит ԥхьаҟашьы аминистррақәа рыбжьара еиуеиԥшым атематикала аиԥыларақәа рымҩаԥгара рхымԥадара.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: