Инар Ладариа Никарагуа Асандинисттә револиуциа 43-шықәса ахыҵраз ауснагӡатәқәа дрылахәын

Инар Ладариа  Никарагуа Асандинисттә револиуциа 43-шықәса ахыҵраз ауснагӡатәқәа дрылахәын
20 July 2022 500

Ареспублика Никарагуа анапхгара рнаԥхьарала Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Никарагуа Асандинисттә револиуциа 43-шықәса ахыҵраз имҩаԥгаз ауснагӡатәқәа дрылахәын.

Аныҳәатә хҭыс рхы аладырхәит Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Карлос Рафаель Фариа Тортос, Сент-Винсенти Гренадини рԥыза-министр Ральф Гонсалвеш, Ареспублика Куба аԥыза-министр Мануель Марреро Крус, Латынтәи Америка аусқәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа ААР ахаҭарнак ҷыда Александр Шьчетинин, Ареспублика Никарагуа амчрақәа рхаҭарнакцәа, Ареспублика Никарагуа аккредитациа змоу адипломатиатә корпус.

Ареволиуциа ашҭаҿы еизаз рҿаԥхьа иқәгылеит Ареспублика Никарагуа ахада Даниель Ортега Сааведреи ахада ихаҭыԥуаҩ Росарио Мурильои.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: